Адепартамент аусмҩаԥгатәқәеи ахықәкқәеи

Адепартамент азы усмҩаԥгатә хаданы иҟоуп:

  • Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку апротоколтә практика аиқәыршәара;
  • Адепартаменти аҳәаанҭыҵ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә хаҭарнакрақәеи (Ацҳаражәҳәарҭақәа) аконсултә усбарҭақәеи иааиԥмырҟьаӡакәа аусутә еимадарақәа рымазаара;
  • Адепартаменти Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иҟоу аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа рдипломатиатә хаҭаранакрақәеи аконсултә усбарҭақәеи Адепартамент акомпетенциа иаҵанакуа азҵаарақәа рзы аусутә еимадарақәа рымазаара;
  • Адунеитә еилазаара аҿаԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡыргара иадҳәало апротоколтә уснагӡатәқәа рынагӡара ацәыргақәҵақәа, асеминарқәа, асимпозиумқәа, аконференциақәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рылахәхареи рыҳасаб ала;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥпротоколтә практика аиӷьтәра иазырхо аҳәаанырцә практика аҭҵаареи аидкылареи;
  • Адипломатиа-куриертә еимадара амҩаԥгара.

Адепартамент иадҵо аусмҩаԥгатәқәа ирхьырԥшны абарҭ ахықәкқәа нанагӡоит:

  • Имҩаԥнагоит авизитқәа рыпрограмма (аԥылара, анаскьагара, аҭыԥ алхра, аофициалтә еиҿцәажәарақәа, анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи рҭаара, акультуратә программа аиҿкаара, ареспублика аҩныҵҟа аныҟәара у.у.е.) иазыԥхьагәарҭо ауснагӡатә протокол-еиҿкааратә еиқәыршәара;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчрақәеи аусбарҭақәеи рҭахраан аус рыцнауеит зыҩаӡара ҳараку аофициалтә визитқәа рыпрограмма аус адулараҿы, урҭ рынагӡаразы аусурақәа еиҿнакаауеит;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара аҳәаанырцәтәи рныҟәарақәа раан апротоколтәи аиҿкааратәи ҟазшьа змоу ажәадгалақәа ҟанаҵоит, ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа аҳәаанырцәҟа рныҟәара аиҿкаара иалахәуп, аныҟәарақәа раан имҩаԥнагоит, иаӡбоит авизитқәа рматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаарақәа (атранспорт аҿаҵара, Аҳәынҭавтоинспекциа ацныҟәара, иахәҭоу апротоколтә атрибутқәа, аҳамҭақәа, асувенирқәа рҿаҵара);
  • Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхадацәа, рҳәынҭқарратәи реиҳабыратәи делегациақәа, рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рхаҭарнакрақәа рхадацәа раара еиҿнакаауеит;
  • Аԥсны ААР аофициалтә дипломатиатә шәҟәеимдара мҩаԥнагоит;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рдипломатиатә хаҭарнакрақәеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рахь ааԥхьара нанашьҭуеит аҳәынҭқарратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәеи ацеремониақәеи рахь, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа (афестивальқәа, ацәыргақәҵақәа, афорумқәа у.у.е.) рахь;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа анапаҵаҩра иадҳәало апротоколтә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩцәа рыгәраргагатә шәҟәыбӷьыцқәеи рырхынҳәратә шәҟәыбӷьыцқәеи аҳәаанырцәҟа рышьҭра азнархиоит;
  • 2010 ԥхынҷкәын 9 азтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы адипломатиатә хаҭарнакрақәа русзуҩцәа аккредитациа рахыжьреи адипломатиатә хсаалагақәа рыҭареи рзы Аԥҟара инақәыршәаны имҩаԥнагоит адипломатиатә хаҭарнакрақәа русуҩцәа аккредитациа рзыҟаҵара;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада адипломатиатә корпус ирдырра еиҿнакаауеит;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рреестр ҭанаҩуеит, рыҵәахрагьы еиҿнакаауеит депозитарик аҳасаб ала;
  • Имаӡоу адокументациа аҵәахреи ақәхреи реиҿкаара;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны абри Аԥҟара иазыԥхьагәанамҭо егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа нанагӡоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: