Аккредитациа амҩаԥгара

Ахаҭарнакра х-усутә мшы рыҩныҵҟа аусзуҩ дшааз азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анота, аккредитациатә карта, атәылауаҩшәҟәы, аԥштәы змоу 4 фотосахьак (2,5x3,5 см.), аелектронтә фотосахьа (600x600 мм.) jpeg аформат ала инанашьҭыроуп аҳәынҭқарратә протокол Адепартамент аофициалтә ԥошьҭахь (protocol@mfaapsny.org), иара убасгьы аккредитациа ззыруа иҭаацәара рхаҭарнакцәа ртәылауаҩшәҟәқәа, Ахаҭарнакра аусзуҩ лхаҵа ма иԥҳәыс рҭаацәаратә еизыҟазаашьа шьақәзырӷәӷәо адокумент ахкьыԥхьаа.

Ахаҭарнакра аусзуҩцәа рзы адыррақәа маӡоуп.

Акарточка ыӡыр, изцәыӡыз ахаҿы иаразнакы Ахаҭарнакра анапхгаҩы абри азы адырра ииҭоит. Ахаҭарнакра х-усутә мшы рыҩныҵҟа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ахҭыс азы адырра ҟанаҵоит. Иӡыз акарточка ацынхәрас, абри анота анаашьҭха инаркны ҩеижәижәаба мшы рыҩныҵҟала Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иӡыз акарточка адубликат ирҭоит. Иӡыз акарточка ацынхәратә дубликатқәа уаанӡатәи акарточка аҿҳәарала ирырҭоит, уаанӡатәи акарточка аномергьы ақәдыргылоит.

Ахаҭарнакра аусзуҩцәа рыҟазаара аҿҳәара анынҵәалак ашьҭахь адипломатиатәии амаҵзуратәии карточкақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рахь ирхынҳәтәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә протокол Адепартамент аҿы ҿыц иааз адипломатиатә Хаҭарнакрақәа русзуҩцәа аккредитациа рзуразы Аԥҟара.


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: