Аҭоурых
Аԥсны ижәытәӡатәиу аамҭазы
Аԥсны аҭоурых азқьышықәсақәа иргәылсны иаауеит. Аратәи адгьыл ԥсылақәа рҟны ауаа ақәынхара иалагеит 35 нызықь шықәса уажәаԥхьа, ихьшәоу апалеолит аамҭазы. Иахьазы идыруп 12-7-тәи азқьышықәсақәа ирыҵркуа амезолит аамҭазтәи ауаа рынхарҭақәа. Усҟан ауаа аҳаԥқәа рҿы инхон, аӡиасқәа иахьырзааигәаз анхарҭа ҭыԥқәа алырхуан, аԥсыӡ ркуан, амазеиҟәшәара иаҿын. Ари азы шаҳаҭра руеит рынхарҭақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы ирыԥшааз аџыққәеи аԥсыӡ абаҩқәеи.
Анеолит аамҭазы (VI-IV-тәи азқьышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа) ицәырҵуеит анышәаԥшь иалху раԥхьаӡатәи ачысмаҭәа. Иара усҟан ауп ауаа рынхарҭақәа рыргылареи, адгьыл ақәаарыхреи ианрылагазгьы. III-IV-тәи азқьышықәсақәа раан Аԥсны иқәынхоз ауаа абҩа рхы иадырхәо иалагеит, уи анаҩс аџьаз арҭәашьагьы рҵеит. III азқьышықәса анҵәамҭазы II-тәи алагамҭазы адольментә культура цәырҵит. Ахаҳә иалхыз аҳаҭгәынқәа – адольменқәа – иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп, Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иаҳԥылоит. Зегьы иреиҳау ахыԥхьаӡара Оҭҳара ақыҭаҿы иҟоуп: уа иԥшаан 15 дольмен, 60 инаркны 110 тонн рҟынӡа зыкапан наӡо аҳаҭгәынқәа. Ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аҳаҭгәынқәа рҿы археологцәа ирыԥшааит аџьаз иалху аихақәа, еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, акерамика.
Раԥхьатәи ақалақьқәа
Ҳера ҟалаанӡа VIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ахьықәынхоз Амшын Еқәа аҿықәахь иқәнагало иалагеит абырзенцәа. Араҟа VI-I ашәышықәсақәа рзы урҭ идырглылеит раԥхьаӡатәи ақалақьқәа: Диоскуриа (иахьатәи Аҟәа), Питиунт (Пицунда), Триглит (Гагра), Гиуенос (Очамчыра). Хара имгакәа ақалақь-колониақәа рҟны ахәаахәҭра ҿио иалагеит, еиуеиԥшым азанааҭқәа цәырҵит.
Диоскуриада
Абырзенцәа Диоскуриада ҳәа зыхьӡырҵаз ақалақь аҭыԥаны Аҟәа ҳәа еиҳа ижәытәтәиу ахьӡ аман. Уи азы шаҳатра ауеит ҳера ҟалаанӡа 90-80-тәи ашықәсқәа раан иҟаҵаз ахьтәы абазқәа рҿы иану аҩыра «Акои» (Аҟуа), дара ҟаҵан фракиатәи аҳ Лисимах истатерқәа ирҿырԥшны. Баграт иаҳҭынра ҳәа иахьа Аҟәа азааигәара иҟоу уаанӡа Агәа (Аҟәа) аҳҭынра ҳәа иашьҭан. Ҳера ҟалаанӡа VI-V-тәи ашәышықәсақәа рзы абырзенцәеи аҭыԥантәи атәылауааи хаз-хазы инхон, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан ауп акәымзар. Аха ишнеиуаз аеллинтә епохаан (IV-III-тәи ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа) Диоскуриада ауааԥсыра еилаӡҩеит.
Ҳера аныҟала I–тәи ашәышықәсазы абырзенцәа рҭыԥаны Аԥсныҟа иқәнагало иалагеит аурымцәа, ари ҟалеит аимператор Август Октавиан ихааны. Усҟан Диоскуриада ахьӡ ԥсахын Себастополис ҳәа. Абас ала Аҟәа аҭоурых аҟны иалагеит VII-тәи ашәышықәсанӡа инаӡаз аурымтә-византиатә период.
Ақьырсианра
Аухәаматә шәҟәҩыра излаҳәо ала, 55-тәи ашықәсазы ақьырсианра аларҵәаразы Аԥсны иааны иҟан Иаса Қьырса иҵаҩцәа – апостолцәа Симон Канатәии Андреи Ԥхьанаԥхьаҩи. Симон Канатәи Ԥсырӡха аӡиас ахықәаны аԥсра идикылеит, иара уаҟагьы анышә дамадоуп.
Аԥсны ақьырсианра динк аҳасабала иалало иалагеит ақалақьқәа Питиунт, Себастополис, Зиганис (Очамчыра араион) иахыргаз аурымтәи асолдатцәа (500-ҩык рҟынӡа) ирыбзоураны. IV-тәи
ашәышықәса алагамҭазы Питиунт ишьақәгылеит Кавказ зегь реиҳа ижәытәтәиу ақьырсиантә еилазаара. 325 шықәсазы Питиунттәи аепископ Стратофил далахәын Никеиа имҩаԥысуаз Раԥхьаӡатәи ақьырсиантә еизара ду.
VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны Византиатәи аимпериа анапаҵаҟа иҟалеит. Уи аамҭазы аԥсуа хылҵшьҭрақәа: аԥсилааи, абазгааи, мсымааи рҽеидыркыло иалагеит, хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылон афеодалтә еизыҟазаашьақәа. Ари апроцесс амҩаԥысра иацхрааит 548 шықәсазы динк аҳасабала ақьырсианра адкылара. VII-тәи ашәышықәсазы аԥсилааи, абазгааи, мсымааи рыдгьылқәа Византиатәи аимпериа иахәҭакны иҟан. VII-тәи ашәышықәса алагамҭазы Анаҟәаԥиатәи ахырӷәӷәарҭа ргылан, усҟантәи аамҭазы Амшын Еиқәа Кавказтәи аԥшаҳәа иахьаҵанакуа зегь реиҳа идууз хырӷәӷәарҭан иара.
Анаҟәаԥиатәи аибашьра
VII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Мрташәаратәи Кавказ рымпыҵархаларц арахь иааит арабцәа. Аԥсилаа рыдгьылқәа рҟны рырхәҭақәа ааины игылеит. 738 шықәсазы Мерван Лашәы (Мерван Кру) напхгара зиҭоз арабцәа рыр аԥсилаа ирабашьит, ақалақь Цхум рыбганы, Анаҟәаԥианӡа инаӡеит. Анаҟәаԥиа рыхьчон ҩ-нызқьҩык абазгааи Қарҭли аҳцәа Мири Арчили ирыцны абазгаа рҿы ахыхьчаразы иааиз ақарҭлиицәа зқьҩыки. Абазгаа раҳ Леон актәи уи аамҭазы ацхыраара даҳәарц азы аланаа рахь дыҟан.
Мерван Кру ир хыԥхьаӡарала акырынтә еиҳан Анаҟәаԥиа ахьчаҩцәа раасҭа. Аха Анаҟәаԥиа аҭыӡқәа даара иӷәӷәан, уи аладатәи аҭӡы 450 м инаӡон, 30-50 м рыбжьаҵаны абаашқәа ахагылан. Аҭӡыи абаашқәеи ирхагылан аӷа ахыцқәеи ахаҳәқәеи игәыдызҵоз аибашьыгатә хархәагақәа, акатапультақәа. Абааш гьежь ашьҭахьала агәашәқәа иҿаз бзианы ирыхьчон. Абаашқәа дара-дара еимадан, урҭ ирҿаз агәашә хәыҷқәа рыла ахьчаҩцәа ԥшыхәра ицәырҵуан.
Аха Анаҟәаԥиа агаразы арабцәа ашьаарцәыратә еибашьра рзыҟамҵеит. XI–тәи ашәышықәсазтәи ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩы Џьуаншер излааицҳауа ала «Анцәа асарацинцәа ашоура бааԥс рзааиган, аҿкы чымазара рылалеит». Арабцәа реиҳараҩӡак ачымазара иахҟьаны инҵәеит, абазгаа рхырӷәӷәарҭа шырыхьчац ирыхьчон. Мерван дхьаҵыр акәхеит.
Аԥсуа аҳра
VIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ишьақәгылеит заатәи афеодалтә ҳәынҭқарра – Аԥсуа аҳра. Аҳра аҳәаақәа наӡон Ҭҟәаԥс инаркны Сурамтәи ашьхахыҵырҭанӡа. XI-тәи ашәышықәсазтәи Қырҭтәылатәи ахыҵхырҭаҿы ари аҭоурыхтә хҭыс абас иарбоуп: «Абырзенцәа рымч анмаҷха, Аԥсны аҳра азызуаз Леуан аҩбатәи урҭ дрыцрыҵит (уаанӡа аҳра зуаз Леуан иаҳәшьаԥа иакәын). Леуан аҩбатәи аҳазарцәа раҳ имаҭа иакәын, убри аҟнытә ианшьцәа аҳазарцәа рымч дақәгәыӷны абырзенцәа дрыцрыҵын, Аԥсны аҳ (аԥсҳа) хәа ахьӡ ихыиҵеит». Аԥсуа аҳра усҟангьы «жәларбжьаратәи азхаҵара» аиухьан, аԥсҳа Леуан Аԥсны аҳҭнықалақь Анаҟәаԥиантәи Қәҭешьҟа ииаигеит. Аԥсуа аҳра ахьынӡаҟаз ибзианы иҿион аекономкиа, акультура, аргылара: усҟан аухәамақәеи аханқәеи рацәаны иргылан.
Аԥсуа аҳра 200 шықәса анҵыра аман, уи кәадахо иалагеит ахшаа дызмамыз аҳ Феодоси Алашә иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь. Анаҩс Аԥсныи Қырҭтәылеи еицырзеиԥшу аҳәынҭқарра аԥырҵеит. XIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуааи ақырҭцәеи рҳәынҭқарра хазы иҟоу аҳрақәа рыла еиҟәшахо иалагеит.
Агенуезцәа Аԥсныҟа раара
XIII-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аԥшаҳәахьы икәнагалоит Генуезтәи ахәаахәҭартә ӷбақәа. Агенуезцәа рхәаахәҭырҭатә еиланхарҭақәа цәырҵуеит Аԥсны аҭыԥқәа жәпакы рҿы: Какари (иахьатәи Гагра), Пецонда (иахьатәи Пицунда), Каво ди Буксо (иахьатәи Гәдоуҭа), Никоффа (иахьатәи Афон ҿыц), Севастополис ма Сан-Себастиан (иахьатәи Аҟәа), Каво Зизибар (Аӡҩыбжьа азааигәара), Сан-Томмазо (иахьатәи Ҭамышь) уҳәа уб. иҵ. Агенуезцәа реиланхарҭақәа зегьы ирхадаран Севастополис: араҟа акәын Кавказ иааны иҟаз италиаа реиҳабы итәарҭа алхны иахьимаз. Агенуезцәа еиҳараӡак изҿыз хәаахәҭран, тауар хадас иҟазгьы абырфын акәын. Абырфын Мрагыларантәи Амшын Еиқәа абаӷәазақәа рыла Мраҭашәаратә Европаҟа идәықәырҵон. Аԥсны иалсны ицон Ахьтәи Ордеи Генуеи еимаздоз Абырфынтә мҩаду кавказтәи амҩақәа хԥа.
Аԥсны аҳреи Ҭырқәтәылеи
XV-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аҭырқәцәа Константинополь анырга ашьҭахь, арахь иӡхыҵуа иалагеит. Уи анаҩс дук мырҵыкәа агенуезцәа Аԥсны аанрыжьит. Усҟан Аԥсны аҳра руан аԥсуа ҭауадцәа Чачаа (Шервашиӡе), урҭ ирҭахын агыруа феодалцәа рҟынтә ахы ақәиҭхара. Абри азы аԥсуааи агырцәеи 30 шықәса еибашьуан. Аҵыхәтәан аибашьра анеилга аԥсуааи ақырҭцәеи ҳәаас ирыбжьарҵеит аӡиас Егры, абар шьҭа 300 шықәса ирықәуп ари аҳәаа ԥсахрада иҟоуижьҭеи.
XVII-тәи ашәышықәсазы аҭырқәцәа амшын аганахьала Севастполис иакәшеит. Аԥсуа ҭауадцәа (афеодалцәа) аҭырқәцәа аԥара рызшәара иақәшаҳаҭхар акәхеит. 1634 шықәсазы аҭыркәа десант Кәыдры азааигәара иӡхыҵын, ауаа дырҳәит, рынхарҭақәа рыблит, аҭыԥантәи афеодалцәа ашәахтәқәа рықәырҵеит. 1724 шықәсазы аҭырқәцәа Севастополис аҿықәаҿы абаа дыргылеит, иагьахьӡырҵеит Сухум-кале. Ашьҭахь иара ақалақь ахаҭагьы ус иахьыӡхо иалагеит. Османтәи аимпериа политикалеи економикалеи адҳәалазаара иабзоураны Аԥсныҟа хәыҷы-ҳәыҷла амсылманра алаҵәо иалагеит.
XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Қьалышьбеи Чачба иаҳра аамҭаан Аԥсуа аҳра ҩаԥхьа аҽарӷәӷәо иалагеит, уимоу Анаԥеи Баҭыми рыбжьара Амшын Еиқәа ихын аԥсуаа рыԥшыхәратә ӷбақәа рацәаны.
Аԥсны Урыстәыла иадлеит
XIX-тәи ашәышықәсазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи Амшын Еиқәа кавказтәи агаҿа еимакны еибашьуан. 1810 шықәса ԥхынгәымзазы аурысцәа Сухум-кале ахырӷәӷәарҭа ргеит. 1810 шықәсазы Аԥсны Урыстәыла иадлеит. Иара уи ашықәсазы 5 нызқьҩык аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵит. Ари XIX-тәи ашәышықәсазы амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥас иԥхьаӡоуп.
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реиҿагылара Аԥсны аҳрагьы акырӡа анырра анаҭеит. XIX ашә. Алагамҭазы ара иӡбамкәа иҟан аҳра ацҵара азҵаара, аполитикатә лагерқәа ҩба еиҿагылан. Руак, Петербургҟа зҿы хаз, Аԥсны аҳ Қьелашьбеи напхгара аиҭон, аҩбатәи, Ҭырқәтәылаҟа зҿы хаз, Қьелашьбеи иԥа Асланбеи напхгара аиҭон. Абри аиҿагылара 1808 шықәса рзы Қьелашьбеи ишьрахьы икылнагеит.
Аԥсны ааныжьра зықәшәаз Қьелашьбеи аҩбатәи иԥа Сефербеи Урыстәыла аимператор Александр I ихьӡала аҳәаратә шәҟәы иҩит Аԥснытәи аҳра хылаԥшра аиҭаларц. 1810 шықәса жәабранмзазы иҭыжьыз Аманифест инақәыршәаны Сефербеи Аԥсны аҳ ҳәа ахьӡ ихҵан. Урыстәыла ар рхархәарала Сефебеи Аԥсны дахагылоит.
Аԥсуа аҳра, Қырҭтәыла еиԥш акәымкәа, Урыстәыла ианадла ашьҭахьгьы ҳәынҭқаррак аҳасабала ахҳәаақәҵара ацәымӡӡеит. 1810 шықәса инаркны 1864 шықәсанӡа Аԥсуа аҳра автономтә напхгараҭара шамац иаанхон, егьырҭ кавказтәи атәылақәа ари аҟара ахақәиҭра рыздыруамызт.
Урыстәыла Кавказ иҟаз арратә мчра ацхыраара рырҭон Аԥснытәи аҳцәа, убас, аҵыхәтәантәи Аԥсны аҳ Михаил Шервашиӡе (1823-1864) аинрал-леитенант ичын иман, Александр Невски иорден ианашьан.
Кавказтәи аибашьра алагамҭаз (1864 г.) Аԥсуа аҳра иамаз амч амӡааны иара аҵакыраҿы Аҟәатәи арратә ҟәша (ашьҭахьшәа – Аҟәатәи аокруг) ҳәа ахьӡырҵахьан.
XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа аԥсуаа рҭоурых аҟны реиҳа ихлымӡаахыз аамҭаны иҟалеит. Аурыс-аҭырқәа еибашьра (1877-1878 шш.) иахҟьаны аԥсуаа рыхәҭак амшын ихылеит рыдгьыл иқәҵны. Амҳаџьырра шьаҭанкыла иаԥсахит Аԥсны аетникатә хсаала. Иҭацәыз адгьылқәа ирхылеит атәым милаҭқәа.
Убас, 1886 шықәса рзы Аԥсны инхозҭгьы 85,7% аԥсуаа, 1897 шықәса рзы иаанхаз 55,3% роуп.
Абри аамҭа иашьҭанеиуаз егьырҭ ажәашықәсақәагьы ари аҭагылазаашьа рацәак аиҭакра рзалмыршеит.
Аԥсны Асовет мчра аагара
XIX-тәи шәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аҩнуҵҟатә ауаажәларратә еиҿкаашьала аешьаратә адыга-убых жәларқәа ирзааигәан.
Урыстәылатәи аимпериа анхабгала ашьҭахь Аԥсны Еиду кавказтәи ажәларқәа реилазаареи Алада-Мрагыларатәи аилазаареи ирылалеит. Абҵарамза 8 1917 шықәсазы аԥсуа жәлар реизара аҿы иалхын раԥхьаӡатәи апарламент – Аԥсуа Жәлар Рхеилак, уи иаднакылеит аԥсуа жәлар Рконституциеи Адекларациеи.
Хәажәкыра 4 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан, Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы ахьӡ рылаҳәан. 1925 шықәса рзы ирыдкылан ССР Аԥсны раԥхьатәи Аконституциа. Уи инақәыршәаны Аԥсны исуверену ҳәынҭқарраны ишьан. Аха иара убри ашықәс азы апартиатә органқәа рықәыӷәӷәарала ари апрект мап ацәкын. 1930 шықәса мшаԥымзазы иӡбан ССР Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР аилазаара иалаҵазарц автономиатә республикак аҳасаб ала. 1931 шықәса жәабран 19 рзы Қарҭ иӡбан Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика автономтә статус аҭаны Қырҭтәыла иалаларц. Уи аганахь ала Аконституциа иалагалан аԥсахрақәа Аԥсны Ахеилак VII аизара ду аҟны, 1935 шықәса ажьырныҳәамзазы. Аконституциаҿы ажәақәа « Аԥсны Асовет Социалисттә республика» ԥсахын «Аԥсны Асоветтә социалисттә автономтә республика» ҳәа. Ус шакәызгьы аԥхьатәи ашықәсқәа рзы ареспубликаҿы анхамҩа-економикатәи асоциал-культуратәи ҿиара аҭыԥ аманы иҟан. Усҟан ауп аҿиара роуа ианалага раԥхьатәи аԥсуа интеллигенциа – арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аҭоурыхдырыҩцәа.
1937 шықәса инаркны иалагеит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭа: аԥсуаа милаҭк аҳасабала иҵызшәаауаз аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак убасҟан имҩаԥысуан, иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа рырӡра, аԥсуа школқәа раркра, аԥсшәа аҳәара азин аҟамзаара – абарҭқәа зегьы ирхысыр акәхеит уаанӡагьы гәаҟра згымыз аԥсуа жәлар. Маҷк аԥсеивгара ҟалеит 50-тәи ашықәсқәа раан, аха уи ашьҭахьгьы ес-жәашықәса аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара шьҭыҵуан.
Убас аԥсуа жәлар ақәгыларақәа мҩаԥыргон 1947, 1957, 1967, 1977,1978, 1988, 1989 шықәсқәа раан.
Аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара
Асовет Еидгыла ахабгалара маҷк шагыз уи иалаз ареспубликақәа зегьы рҿы амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара шьҭыҵуа иалагеит. Аԥсуаа рҳәынҭқарра иамаз административтә статус аҳаракразы иқәԥон. Уи аамҭазы Қырҭтәыла апарламент Аԥсны хазы ҳәынҭқаррак аҳасабала аҟазааразы иамаз азинқәеи алшарақәеи ҵнашәаауан.
Аԥсныи Қырҭтәылеи ирыбжьалаз азинтә еилагарақәа раԥырҟәҟәааразы ԥхынгәы 23 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аӡбарала Аԥсны 1925 шықәсазтәи Аконституциахь игьежьит, иагьрыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Агерби Абираҟи.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра
Нанҳәамза 14 1992 шықәсазы ааигәа ООН иалалаз Қырҭтәыла бџьаршьҭыхла Аԥсны иақәлеит. Қырҭтәылатәи арбџьармчқәа – авиациа, акәылӡтәы техника, артиллериа уҳәа рыцырхырааны
Аԥсны аҵакырадгьыл хәҭак ааныркылеит. Аԥсны иқәынхоз ажәларқәа рышьра анаҩсгьы – еиҳау хлымӡаахс иҟоузеи! – ара имҩаԥысуан акультуратә геноцидгьы. Иблын Аҭҵаарадырратә институт Аҳәынҭқарратә архив, уа иҟаз хәы змамыз аҭоурыхтә документқәа, алингвистикатә материалқәа, ашәҟәқәа, анапылаҩырақәа зегьы блит. Аибашьраан ааха ӷәӷәа роуит акультуратә, аҭоурыхтә баҟақәагьы.
Цәыббрамза 30 1993шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын. Аиааира аагара мариамхеит – 3 нызқьҩык рҟынӡа аҵеицәа Аԥсны ахақәиҭтәреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Аԥсуаа ирывагыланы ирыцеибашьуан Нхыҵ Кавказынтәи аешьаратә жәларқәа, аурысцәа, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа.
1994 шықәса лаҵарамзазы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рахь инаган урыстәылатәи аҭынчеиҿкааратә мчрақәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьа
Абҵара 26 1994 шықәсазы Аԥсны Апарламент иаднакылеит Аконституциа ҿыц. Раԥхьатәи Аҳәынҭқарра Ахадас далхын Аԥсны жәлар рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
1994 шықәса ԥхынҷкәын мза инаркны 1999 шықәса цәыббрамзанӡа Аԥсны жәлар аекономикатәи, аполитикатәи, аинформациатәи блокадақәа ирҭакын. Аха аибашьра ашьҭахь егьа уадаҩра ҟалазаргьы аиааира згаз Аԥсны жәлар ркультура, рекономика, рҵарадырра, акурорттә сфера уҳәа хәыҷы-хәыҷла еиҭаҿио иалагеит.
1999 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны жәлар зегьы злахәыз ареферендум аҟны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи амазарц шырҭаху азы агәаҳәара аадырԥшит, иагьрыдыркылеит уи азы иахәҭоу аҳәынҭқарратә акт.
Нанҳәамза 26 2008 шықәсазы Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. 2008 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит иара убас Никарагуеи Венесуелеи, 2009 шықәсазы – Науру, 2011 шықәсазы – адгьылбжьахатә ҳәынҭқаррақәа Вануату, Тувалу.
2011 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны Ахадас далхын Александр Залатинска-иԥа Анқәаб.
2014 шықәса рзы, лаҵарамзатәи аполитикатә кризис ашьҭахь имҩаԥысыз жәларзегьтәи алхрақәа раан Аԥсны Ахадас далхын Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба, иара ихаҭыԥуаҩыс Витали Габниа.
Рауль Ҳаџьымба официалла инапынҵақәа рынагӡара хациркит 2014 шықәса цәыббра 25 рзы.
2014 шықәса абҵарамза 24 рзы Шәача ақалақь аҟны, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра.
Аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа зхаҭабзиара ҳараку аҩаӡарахь икылнагоит, иазыԥхьагәанаҭоит атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиԥшҵакыра, адәныҟатәи аполитикаҿы аицусура, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраара.
2014 шықәса ԥхынҷкәын 22 рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуун Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны. 2015 шықәса ажьырныҳәа 23 рзы иара аратификациа азыруит Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Думаҿ. Аиқәшаҳаҭра амчра аиуит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда ашьҭахь, 2015 шықәса хәажәкыра 5 инаркны.
Традициала Урыстәыла Аԥсны иахәаахәҭратә партниорны иԥхьаӡоуп. 2018 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара 258,6 миллион доллар артәеит. Убри аан урыстәылатәи аекспорт – 192,4 миллион доллар, аимпорт – 66,2 миллион доллар.
2019 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы атауареикәыршара ахышәаҵышәа 49,9 миллион доллар итәеит. Убри аан урыстәылатәи аекспорт – 38,9 миллион доллар, аимпорт – 10,9 миллион доллар.
2019 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны аполитикатә кризис аҭыԥ аиуит.
2020 шықәса ажьырныҳәа 12 азы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵеит.
Изаамҭанытәим ахада иалхрақәа мҩаԥган 2020 шықәса хәажәкыра 22 азы.
Аԥсны ахадас далхын Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа.
2018 шықәса лаҵара 29 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика.
2020 шықәса жьҭаара 6 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Дамаск ақалақь аҿы иаадыртит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа.