Рашәарамза 11, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Урыстәыла Амш инамаданы аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.
Ацеремониа мҩаԥысит Каракас ақалақь аҿы Ахақәиҭтәҩы Симон Боливар иҭоубыҭ аҿаԥхьа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә иахагылеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинт, Венесуела иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров. Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа хаҭала урыстәылатәи адипломатиатә миссиа ахада идиныҳәалеит ари акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә ныҳәа.
Ацеремониа иара убасгьы иалахәын Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә хаҭарнакрақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рхадацәеи, венесуелатәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аусзуҩцәеи АИХқәа рхаҭарнакцәеи.