Ажәабжь ҿыцқәа
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80- шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 17 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Симон Боливар иԥсҭазаара далҵижьҭеи 194 шықәса аҵра инамаданы имҩаԥгаз ацеремониа ихы алаирхәит.
2024 шықәса ԥхынҷкәын 11 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Аиакучо амҵан аибашьра 200 шықәса ахыҵра иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит.
Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба, Евразиатәи Аилазаара (Берлин) ахантәаҩы, аполитолог Александр Рар иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аилазаара имҩаԥнагаз Қьырсаныҳәа ахәылԥаз лхы алалырхәит. Аусмҩаԥгатә 2024 шықәса аихшьаалақәеи 2025 шықәсазтәи ԥхьаҟатәи азԥхьагәаҭақәеи ирызкын.
2024 шықәса ԥхынҷкәын 5 азы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы имҩаԥысыз ацәыргақәҵа "Сербиа Адунеизегьтәи аҭынха – ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынхақәа рсиа иаҵанакуа абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аберҭыԥқәа" аартра иалахәын.
Ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 3 азы Урыстәыла иазгәарҭо Идырым асолдаҭ Имш инамаданы, Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа адгьылқәа Берлин – Бранденбург рҿы аус зуа урысшәала ицәажәо аиҿкаарақәа ркоординациатә Хеилак алахәылацәа дрыцны Берлин, Тиргартен аҿы Асовет аруаа ргәалашәара Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
2024 шықәса абҵарамза 30 азы Никарагуа имҩаԥысит адунеи ажәларқәа ргастрономиеи рытрадициақәеи рцәыргақәҵа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс ацәыргақәҵа иалахәын Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа. Ацәыргақәҵаҿы иӡырган аконтинентқәа зегьы рҟынтәи 38тәылак инареиҳаны.
2024 шықәса абҵарамза 27 рзы Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов раԥхьаӡа акәны Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
2024 шықәса абҵарамза 25 азы Боливариантәи Аҳәынҭқарра Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, аибашьра аанкылареи аҭышәныртәалареи рзы Аиқәшаҳаҭра 204 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа даҭааит.