Ажәабжь ҿыцқәа
Потсдам ақалақь аҿы, акультура-усутә еимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит. Германиатәи аиҿкаара "Old Tablers", иара убасгьы уи анапхгара алахәыла Иорг Баут иҟарҵаз ааԥхьарала еиҿкааз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Германиа иҟоу абизнеси акультуреи рхаҭарнакцәа.
2025 шықәса хәажәкырамза 6 азы, Венесуела иҟоу Апостолтә Нунциа архиепископ Альберто Ортега Мартин иааԥхьарала, Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломаттә миссиақәа рнапхгаҩцәеи рыпленартә еилатәара мҩаԥысит.
Жәабран 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбундсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аусбарҭа аԥҵара 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара ихы алаирхәит. Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа Хосе "Чино" Канта ихьӡ зху Каракас иҟоу ауааԥсыра рҵареи рыԥсшьареи рзы Амилаҭтә Институт (Incret) аудиториаҿы имҩаԥысуаз аконцерт иаҭааит.
Ареспублика Никарагуа атәылахьчара Аминистрра ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәии азинмчранагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Жәабран 21 азы Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин, Тиргартен апарк аҿы иҭахаз асоветтә еибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
Жәабран 20 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа арратә атташе, аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз адкылара далахәын.
Жәабран 20 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман, Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз ааԥхьарала, ПМР адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳасабырбатә коллегиа аилатәара ихы алаирхәит. Аусмҩаԥгатә онлаин аҟазшьала имҩаԥысит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит.
Ажьырныҳәамза 24 рзы, Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви, ПМР Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы наӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, ПМР Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит.