"Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа"

"Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа"
21 November 2018 751
Берлин, Азеиԥш бызшәадырра Леибниц-центр аҿы (ZAS) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аконференциа "Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа". Иара иалахәын аҵарауаа-алингвистцәа, еиуеиԥшым адиаспорақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсуаа, абаскцәа, акаталонцәа, анепалцәа, тагалогаа, фулаа уҳәа егьырҭгьы ирыман алшара ртәылеи рбызшәеи рҭоурых иалацәажәарц.

Ауснагӡатә далахәын германиа иҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа, Германиа иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа

Валентина Маанԥҳаи Ринана Сариа Капԥҳаи.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ажәахәқәа ҟаҵан. Берлин инхо аԥсуаа, абаскцәа, акаталонцәа, анепалцәа, тагалогаа, фулаа уҳәа егьырҭгьы ирыман алшара ртәылеи рбызшәеи рҭоурых иалацәажәарц.
Аизгаҩцәа иҭарҩит алахәылацәа ртекстқәа. Убри ала еиқәдыршәеит Берлин абызшәаәт хсаала. Аҭаҩра азыӡырыҩра алшоит berlin-spricht.org.  аҿы.

"Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа" ҳәа хьӡыс измаз Берлин имҩаԥысыз аконференциаҿы ахәыҷы лалахәхара иаҳа аинтерес цәырнагеит, избанзар, иуадаҩуп даҽа тәылак аҿы изызҳауа аҿар рхатәы бызшәала ицәажәартә еиԥш аҟаҵара. Ҳара хдырцәажәеит аԥсышәала, абызшәатә материал ҭараҩит, ҳрыԥхьеит ажәеинраалақәа.

Аконферециа иалахәын абаскцәа, акотолонцәа, африкатәи абызшәақәа ныҟәызго еиуеиԥшым ажәларқәа уҳәа. Берлин ҿыцны иалагеит иаланхо ауаа рбызшәақәа реиԥшымзаара, реилазаара, аҭҵаара, абызшәатә хсаала ашьақәыргылара. Ари раԥхьатәи конферециан,  убри анҟытә ҳара ҳахьаладырхәыз даара ҳаигәырӷьоит", - ҳәа азгәалҭеит Амҷԥҳа.
    


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: