Нанҳәамза 26, 2026 шықәса рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельскии ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ПМР иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра аиҳабы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убасгьы ихы алаирхәит ПМР Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев.
Аиҿцәажәараан аганқәа иазгәарҭеит традициала Приднестровиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа реиҩызаратә ҟазшьа, иара убас аҳәынҭқарра ашьақәгылареи иуадаҩу аԥышәарақәа риааиреи рзы рҭоурыхтә ԥышәа азеиԥшра.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан арыцхә – нанҳәа 26 — Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш.
Вадим Красносельски аиашьаратә республикақәа рыжәларқәа рхьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ашықәсхыҵра рыдиныҳәалеит, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ԥхьаҟатәи аҿиареи рзеиӷьеишьеит.
Витали Игнатиев Приднестровиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи реинырра активра азгәеиҭеит. Ахәҭакахьала, ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы Приднестровиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа реилацәажәара амҩаԥгара, иара убас аҿартә дипломатиа аусхкы аҿы х-ганктәи аусеицура аҿиара азгәаҭан.
Александр Ватаман Вадим Красносельскии Витали Игнатиеви иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азы аҵак ҷыда змоу амш аҽны аиԥылара амҩаԥгара ахьрылшаз азы.
Аиԥылараан азинмчы змоу ахаҭарнак приднестровиатәи аган адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аҭагылазаашьаз, дазааҭгылеит приднестровиа-аԥснытәи еинырра актуалтә зҵаарақәа. Ахәҭакахьала, агуманитартәи атуристтәи еимадарақәа рдинамика азгәаҭан, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика атәылауаа рзы визада Аԥсны Аҳәынҭқарра алалара алыршарагьы налаҵаны.
Иара убасгьы аиԥылараан имҩаԥысит ҩ-ганктәии х-ганктәии аиныррақәа рактуалтә зҵаарақәеи, урҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз алшарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара.