Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Габриелла Габуниеи Урыстәыла Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә дкылара рхы аладырхәит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы Ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аицминистрцәа Вальдрак Џьентске, Денис Монкада, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, Никарагуа Аиҳабыра рҟны аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатцәеи, иара убас АИХқәа рхаҭарнакцәа.