Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Ливантәи Ареспубликеи Афганистани иҟоуп.
Аусутә ныҟәара ахықәкқәа:
-Аԥсны Аҳәынҭқарреи арҭ атәылақәеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара;
-Ахәаахәҭратә ҩнқәа раԥҵара;
-Мрагылара Ааигәеи Аԥсни рыбжьара агуманитартә еимадарақәа рышьақәыргылара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҵак ду анаҭоит Мрагылара Ааигәеи Аԥсни рыбжьара аимадарақәа рышьақәгылара аҿиара.