Жьҭаарамза 11 рзы, Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа иҷыдоу аилатәара рхы аладырхәит. Аилатәараҿы атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа хада Палестина имҩаԥысуа агеноцид иақәыӡбеит, иара убасгьы Никарагуа аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит Никарагуеи Израильи рыбжьара адипломаттә еизыҟазаашьақәа рԥыргаразы.
Никарагуа ахада, акомендант Даниель Ортега Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа аиҭеит Биниамин Нетаниаху иеиҳабыреи атәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьырхырц.
Никарагуа, Боливиа ашьҭахь, Израильи иареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа зыбжьызхыз аҩбатәи тәылахеит.