Ареспублика Никарагуа Акультура аминистрреи Афонд «Инканто»-и рааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуатәи аоператә Фонд "Инканто" агала-концерт иаҭааит. Аконцерт мҩаԥысит Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы.
Аконцерт аҿы иқәгылеит никарагуатәи артистцәа реиԥш урыстәылатәии италиатәии аоператә шәаҳәаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә ашьҭахь, Инар Ладариа Лауреано Ортегеи Елиза Пикадои аԥхьа инаргыланы Афонд «Инканто» анапхгара дрыдныҳәалеит, аринахысгьы аҟазаратә еихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.