Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә даҭааит

Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә даҭааит
27 January 2025 101

Ажьырныҳәамза 24 рзы, Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Инар Ладариа боливиатәи иколлега аныҳәа идныҳәало, боливиатәи ажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.

Аныҳәаәт уснагӡатә рхы аладырхәит Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, аҳәынҭқарреи, апарламенти рхаҭарнакцәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: