Инар Ладариа "Сербиа Адунеизегьтәи аҭынха – ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынхақәа рсиа иаҵанакуа абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аберҭыԥқәа" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа аартра далахәын

Инар Ладариа "Сербиа Адунеизегьтәи аҭынха – ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынхақәа рсиа иаҵанакуа абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аберҭыԥқәа" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа аартра далахәын
6 December 2024 483

2024 шықәса ԥхынҷкәын 5 азы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы имҩаԥысыз ацәыргақәҵа "Сербиа Адунеизегьтәи аҭынха – ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынхақәа рсиа иаҵанакуа абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аберҭыԥқәа" аартра иалахәын.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит ареспублика анапхгара рхаҭарнакцәеи, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәеи, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: