Инар Ладариа Никарагуа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит

Инар Ладариа Никарагуа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит
19 February 2025 56

Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит. 

Инар Ладариа иколлега аныҳәа идныҳәало иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа риашьаратә еиҩызара, еиҳа аиашара ҵаҵӷәыс измоу адунеиеиҿкааразы рықәԥара, иҳәеит иарбанызаалак ажәлар ргәы ишаҭаху аиԥш рҳәынҭқарра аргылара азин шрымоу.

Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов Инар Ладариа ҭабуп ҳәа иаҳәо аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит, аҩ-ганктәи рыстратегиатә еиҩызара аринахысгьы арӷәӷәара шалыршахо азы агәрагара ааирԥшит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, Манагуа ақалақь ахада Реина Руеда, Никарагуа еиуеиԥшым аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа, аҭыԥантәи аинформациатә хархәагақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: