Инар Ладариа Сан-Хасинто амҵантәи аибашьра 169 шықәса ахыҵра иазкны еиҿкааз Никарагуа Апарламент Амилаҭтә Ассамблеиа аҷыда еилатәара ихы алаирхәит

Инар Ладариа Сан-Хасинто амҵантәи аибашьра 169 шықәса ахыҵра иазкны еиҿкааз Никарагуа Апарламент Амилаҭтә Ассамблеиа  аҷыда еилатәара ихы алаирхәит
15 September 2025 123

Цәыббра 14 азы, Ареспублика Никарагуа Апарламент Амилаҭтә Ассамблеиа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аиба Никарагуа, Сан-Хасинто амҵантәи аибашьра 169 шықәса ахыҵра иазкны аҷыда еилатәара "Зегьы Сан-Хасинто азы" иалахәын.

Никарагуа ажәлар рзы иҵаулоу аҭоурыхтә ҵакы змоу аусмҩаԥгатә амилаҭтә суверенитет ахьчаҩцәа иаадырԥшыз агәымшәареи апатриоттә ҟазареи раҳаҭырқәҵараз имҩаԥган.

Аԥснытәи аделегациа ауснагӡатә алахәхара ианыԥшит Аԥсни Никарагуеи ирыбжьоу аиҩызаратә еимадареи аусеицуреи, иара убас, ажәларқәа рсуверенитети рхалахатәҳәаақәҵареи рзы аицхыраареи, еицырзеиԥшу агәацԥыҳәареи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: