Никарагуа иҟоу Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Гондурас амилаҭтә фырхаҵа аинрал Франсиско Моразан Куесада диижьҭеи 232-шықәса аҵра иазку ацеремониа рхы аладырхәит.
Никарагуа атәылахьчара аминистрра арра-ҵаратә Центр аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентски, Никарагуа атәылахьчара аминистрра анапхгареи, Никарагуа аккредитациа змоу адипломаттә корпус ахаҭарнакцәеи.