Инар Ладариа афырхаҵа, аинрал Франсиско Моразан иира 233 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатә далахәын

Инар Ладариа афырхаҵа, аинрал Франсиско Моразан иира 233 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатә далахәын
6 October 2025 100

2025 шықәса жьҭаара 4 азы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистр-иабжьгаҩ Алиас Аибеи америкагәҭантәи ахьыԥшымра афырхаҵа, аинрал Франсиско Моразан иира 233 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатә иалахәын.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Амелиа Кинлоч, Манагуа ақалақь ахада Реина Руеда, Никарагуа аминистррақәеи амаҵзурақәеи рхаҭарнакцәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: