Жьҭаара 12 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хавиер Арруе инаԥхьарала Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Венесуела ахада, акомендант Уго Чавес ихьӡ зху асофтбол азы VIII-тәи Ахраҿа «Ажәларқәа реиҩызара» аартра ацеремониа аартра.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Никарагуа иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәарҭеи Никарагуатәи аенергоеилахәыра «Энель». Атурнир Венесуела, Никарагуа, Куба рҟынтәи асофтболтә командақәа рхы аладырхәит.
Атурнир аҿы раԥхьа ампыл асра азин иоуит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа.
Адипломат алахәылацәа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, атурнир аиашьареи, аиҩызареи, аидгылареи ртриумф ала ихыркәшахап ҳәа агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Аусмҩаԥгатә аартра ацеремониа рхы аладырхәит Венесуела, Куба рыцҳаражәҳәаҩцәа, Никарагуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа.