Рашәара 22 рзы Берлин имҩаԥысит анацисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Германиатәи Бундестаг Армарахьтәи апартиа афракциа (Die Linke). Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Германиатәи Бундестаг ахыбраҿы алозунг «Германиа Асовет Еидгыла иақәлеижьҭеи 85 шықәса ҵуеит — АИБАШЬРА ЫҞАӠАМ!» иаҵагыланы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Бундестаг адепутатцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, акультура аусзуҩцәа, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра атрагедиатә хҭысқәа рветеранцәа. Агәалашәаратә еиԥылара иара убас лхы алалырхәит Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Аиԥылара алахәылацәа миллионҩыла аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит, иазгәарҭеит 1941 шықәса рашәара 22 рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа рҭоурыхтә ҵакы, инаҵшьны иазгәарҭеит анацизми аибашьреи ртрагедиатә хҟьаԥҟьақәа ргәалашәара аиқәырхара шхымԥадатәиу. Аҭынчра арӷәӷәареи ԥхьаҟа ас еиԥш иҟоу атрагедиақәа реиҭаҟалара алмыршареи рзы ааԥхьарақәа ҟарҵеит.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Германиа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа рықәгыларақәа, аибашьра ашықәсқәа рзы аҭоурыхтә документқәеи асаламшәҟәқәеи рыԥхьара, иара убас Ернст Буш ихьӡ зху ахор аибашьра иаҿагыло ашәақәа нанагӡеит.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ҷыдала инаҵшьны иазгәарҭеит аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара аҵаки иахьатәи абиԥара аҭынчра аиқәырхаразы рҭакԥхықәреи.
Хьыбла Амҷԥҳа анацисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит
23 June 2026 56