Хьыбла Амҷба Берлин имҩаԥысуаз Германиа-Киргизиатә економикатә форум далахәын

Хьыбла Амҷба Берлин имҩаԥысуаз Германиа-Киргизиатә економикатә форум далахәын
2 December 2025 79

Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч наӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата (DIHK) аҿы имҩаԥысыз аекономикатә форум далахәын.

Афорум рхы аладырхәит аекспертцәа, абизнесеилазаара ахаҭарнакцәа, Германиеи Киргизиеи рҟынтәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа аинновациақәеи, атехнологиатә ҿиареи, акадырқәа разыҟаҵареи рзы аусеицура аԥеиԥшқәа ирылацәажәеит.

Хьыбла Амҷба илҳәеит ас еиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа, аидеиа ҿыцқәа рыҿиара, азанааҭтә диалог аларҵәара, арегион асоциал-економикатә ҿиара иахәҭоу ахырхарҭақәа реиқәыршәара ишрыцхраауа, аҵак ду шрымоу. Лара иазгәалҭеит, афорум алахәхара акрызҵазкуа азанааҭтә ԥышәа аиуразы ишыцхыраагӡоу.

Аусмҩаԥгатә ҩаӡара ҳаракыла еиҿкаан, уи алахәылацәеи асасцәеи хыԥхьаӡара рацәала иаднаԥхьалеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: