Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив агәалсра ду аанарԥшуеит иналукааша алитератор, афилолог, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Фадиль Арҩҭаа иԥсҭазаара иалҵразы.
Фадиль Арҩҭаа ҭҵаарадырратә усзуҩык иҳасаб ала илагала шьардоуп Шьамтәылеи Аԥсни рыжәларқәа рыбжьара аимадарақәа рырҭбаареи рырҵауылареи аус аҟны.
Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раан Фадиль Арҩҭаа адипломатиа аусхк аҟны имаз аԥышәеи адыррақәеи ахархәара риҭон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьагаҩык иҳасаб ала.
Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспора инарылукааша рхаҭарнак иуаҩытәыҩсатәи изанааҭтәи ҟазшьақәа рыла ахааназ ҳгәаҵаҿ игәалашәара аанижьит.