Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи акультура Амшқәа ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Дамасктәи аоператә театр аҿы «Акультуреи аҟазареи Рыҩны Аль-Асад).
Шьамтәылатәи акультура аминистр Диала Баракат иааԥхьарала, Муҳаммад Али «Акультура – аԥсҭазаара иаҳамҭоуп» ҳәа хьӡыс измоу Шьамтәылатәи акультура Амшқәа раартра ацеремониа, иара убасгьы Шьамтәылатәи Акультура аминистрра аԥҵара 66 шықәса ахыҵра ихы алаирхәит.
Шьамтәылатәи акультура амшқәа лаҵарамза 24 инаркны 28 рҟынӡа имҩаԥысуеит, еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит.
Ацеремониа рхы аладырхәит аинформациа аминистр Зиад Госн, Шьамтәылатәи аҳәынҭқарреи аофициалтә усзуҩцәеи, ацҳаражәҳәаҩцәеи, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рнаԥхгаҩцәеи.