Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Сириа Аԥсны аџьынџьуааи ааԥхьарала, Шьамтәыла ахада Аҳмад аль-Шара имҩаԥигаз гәыԥҩык аҩызара-ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи иареи реиԥылара ихы алаирхәит. Аиԥылара ихы алаирхәит Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад аль-Шаибани.
Аиԥылараҿы Шьамтәылеи ацҳаражәҳәаҩцәа хаҭарнакра ззыруа атәылақәеи рыбжьара аусеицура арӷәӷәаразы алшарақәа ирылацәажәеит. Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит акоординациеи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рхырхарҭақәа рырҭбаара аҵак ду шамоу.
Ацҳаражәҳәаҩцәа, рҳәынҭқаррақәа агәазыҳәара шрымоу шьақәдырӷәӷәеит Шьамтәылеи дареи еицырзеиԥшу аинтересқәа рзы русеицура ацҵаразы, аиашьаратәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы.