Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Наамоа Шадуд дылԥылеит

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Наамоа Шадуд дылԥылеит
6 June 2024 372

Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Наамоа Шадуд дылԥылеит.

Аиԥылараҿы Наамоа Шадуд аиҿкаара ахықәкқәеи ахыдҵақәеи дрылацәажәеит, ахәыҷқәа рзы имҩаԥгахо еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, шьамтәылатәи аҿар рымаха-шьахатәи ринтеллектуалтәи зыҟаҵареи амилаҭтәии аморалтәии ахәдуқәа рыҿиареи рзы иҟарҵо дазааҭгылеит.

Муҳаммад Али, Аԥсны анапхгара аҿы ахәыҷқәа рыпроблемақәеи урҭ рзинқәа рыхьчареи ахшыҩзышьҭра арҭоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәыла Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» аусура ахәшьара ҳаракы аиҭеит, насгьы аҩ-тәылак рыбжьара ахәыҷқәа рхылаԥшреи рзинқәа рыхьчареи аганахьала аусеицуа арҿиареи арӷәӷәареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: