Инар Ладариа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын

Инар Ладариа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын
13 June 2025 33

Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә иалахәын.

Инар Ладариа Урыстәылатәи иколлега аныҳәа идныҳәало, Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рабацәеи рабдуцәеи ишьақәдыргылаз аешьаратәи, аиҩызаратәи, аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа рыла иузеиҟәымҭхо еидҳәалоуп ҳәа азгәеиҭеит.

Михаил Леденев аԥснытәи иколлега иҟаиҵаз адныҳәалара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, аешьаратә ҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи реизҳазыӷьаразы аринахысгьы аусеицура амҩаԥысра ишацҵахо агәра шиго азгәеиҭеит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Никарагуа Ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, Никарагуа еиуеиԥшым аминистррақәеи адепартаментқәеи рнапхгаҩцәеи, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: