Нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ала официалла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара амш 16-шықәса ахыҵра аҽны Приднесторовтәи Молдавтәи Ареспублика аҿы иҟоу Ареспублика Аԥсны Аофициалтә Хаҭарнакра аҿы аҩ-республикак рофициалтә хаҭарнакцәа еицымҩаԥыргаз адкылара мҩаԥысит.
Аааԥхьара зауз рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Приднестровиа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Бендери ақалақь жәлар рдепутатцәа Рхеилаки рнапхгараҭара, атәыла Анапхгара аппарат аусзуҩцәа, уҳәа егьырҭ аофициалтә хаҿқәа, иара убас ПМА амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит ПМА аҿы Ареспублика Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Алеқсандр Ватаман, ПМА аҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Витали Ианковски, ПМА адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Стециук.
Витали Ианковскии Алеқсандр Стециуки Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рхьыԥшымра азхаҵара азы жәаф-шықәса раԥхьа ирыдыркылаз лахьынҵалатәи аӡбара аиашьаратә республикақәа рзы иаҵоу аҵакы ахадареи, иара убас ареспубликақәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара аҿы Урыстәылатәи Афедерациа инанагӡаз ароли ртәы инаҵшьны иазгәарҭеит.
«2008 шықәса, нанҳәамза 26 рзы адунеи аҿы Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара шьақәырӷәӷәан, уи аҿиареи иахьа Аԥсны официалла аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа змоу егьырҭ атәылақәа рыла аринахысгьы азхаҵареи амч ду рыҭан – Нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит, уи азы официалла алаҳәарагьы ҟаиҵеит. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иадҳәалаз аполитикатә акт ареспублика астатус ихьыԥшым иазхаҵоу аҳәынҭқарра аҩаӡара аҟынӡа ишьҭнахит. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь инақәырццакны егьырҭ атәылақәа рыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵарақәа ҟалеит», — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман. Аныҳәатә усмҩаԥгатә иаҭааз асасцәа ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа абара рыдыргалеит. Ицәыргақәҵаз аусумҭақәа ПМА аҿы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рофициалтә Хаҭарнакрақәа рыла имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭыхымҭақәа рконкурсқәа ирылахәын.
Адкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа рыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи зегь реиҳа ибзианы издыруа ҳәа аконкурс мҩаԥган. Аиааира згаз Аофициалтә Хаҭарнакрақәа рхадацәа рҟынтәи аҳамҭа иоуит.
Адкылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.