Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто дидышшылеит Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
"Хыԥхьаӡара рацәала Венесуела иҟалаз адгьылҵысра ахҟьа-ԥҟьақәа ирыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә ԥсыҭбарақәеи мҽхакы ҭбаала аилабгарақәеи инарымаданы ҳшәыдышшылоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәхьаа дула иҭахаз рҭаацәеи Венесуела аиашьаратә жәлар зегьи ирыцеиҩыршоит рцәыӡи ргәырҩеи.
Аҳәара ҟаҳҵоит ари арыцҳара бааԥс иахҟьаны зҭынхацәеи зҭахцәеи зцәыӡыз ҳажәақәа рызнажәгарц, иара убас ааха зауз зегьы иаарласны ргәабзиара шьақәгыларц азеиӷьашьарақәа рырҭарц».