Лаҵара 30-31 рзы Берлин имҩаԥысуеит Шиллер иинститут еиҿнакааз жәларбжьаратәи аконференциа ду "500 шықәса зхыҵуа аколониалтә епоха анҵәамҭа: ацивилизациақәа рдиалог ахь". Аконференциа азкуп ашәарҭадареи аҿиареи жәларбжьаратәи рархитектура ҿыц ашьақәыргылара алацәажәара, ацивилизациақәа рыбжьара зинла еиҟароу адиалог арӷәӷәара, ишьақәгыло адунеитә еиҿкаараҿы Аглобалтә Лада атәылақәа рроль.
Афорум аусура иалахәуп аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аҵарауаа, аекспертцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәеи ихадоу алахәылацәеи рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Шиллер иинститут ашьаҭаркҩы Хельга Цепп-Ларуш.
Аиҿкааҩцәа рааԥхьарала аконференциа лхы алалырхәуеит Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Аконференциа хықәкыс иамоуп жәларбжьаратәи адиалог ацхраара, аҭынчҿиара амҩақәа рыԥшаара, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара, иахьатәи ҳаамҭа аглобалтә ааԥхьарақәа рыӡбаразы азнеишьа ҿыцқәа аус рыдулара.