Рашәара 25 рзы Берлин имҩаԥысит еицырдыруа аполитолог, аҭоурыхҭҵааҩ Александр Рар инапхгарала Евразиатәи ауаажәларра аԥхынтәи руснагӡатә, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирызку аимак-аиҿак.
Аиҿкааҩцәа рнаԥхьарала аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Аиԥылараан имҩаԥысит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәеи, ҳаамҭазтәи агеополитикатә процессқәеи, иара убас агуманитартәи ауаажәларратәи усеицура аҿиара аԥеиԥшқәеи рзы агәаанагарақәа реимдара. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит жәларбжьаратәи адиалог арҭбаара иазҿлымҳау ауаажәларратәи аексперттәи еилазаарақәа рхаҭарнакцәа.