Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Палестина Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Маџьид Заки Абу аль-Ҳава Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ҳаҭырла диҭааит.
Аганқәа рылацәажәеит иахьатәи жәларбжьаратәи аполитика азҵаарақәа, ҷыдала Аахыҵ-Кавкази Мрагылара Ааигәеи рҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа. Аиԥылара аконструктивтәи аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.
Иара убас, аиԥылара иалахәын Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба, Никарагуа иҟоу Палестина Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Дина Альхалаика.