Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али апровинциа Алеппо аполитикатә усқәа рзы Анапхгараҭара адиректор Ибраҳим Ибраҳим диԥылеит

Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али апровинциа Алеппо аполитикатә усқәа рзы Анапхгараҭара адиректор  Ибраҳим Ибраҳим диԥылеит
6 November 2025 73

Апровинциа Алеппо аҭаараан, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али апровинциа Алеппо аполитикатә усқәа рзы Анапхгараҭара адиректор Ибраҳим Ибраҳим диԥылеит.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩганк рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны аусеицура арҭбаара, еицырзеиԥшу ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, апровинциа Алеппо инхо аԥсуа-черқьес уаԥшь ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы алшарақәа ирылацәажәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: