Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Жәларбжьаратәи агастрономиеи, акультуреи, атрадициақәеи рфестиваль ахы аланархәит

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Жәларбжьаратәи агастрономиеи, акультуреи, атрадициақәеи рфестиваль ахы аланархәит
1 December 2025 84

Абҵара 29-30 рзы Никарагуа имҩаԥысит Жәларбжьаратәи агастрономиеи, акультуреи, атрадициақәеи рфестиваль. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 39тәыла рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра азиуан Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ.

Аԥснытәи апавильон Китаитәи Жәлар Рреспублика апавильон аҿаԥхьа, Урыстәылатәи Афедерациеи Франциатәи Ареспубликеи рпавильонқәа ирывагылан.

Аԥснытәи апавильон иаҭааит Никарагуа Ахада иабжьгаҩ Камила Ортега, акультура аминистр Рамон Родригес, атуризм аминистр Мара Стотти, Манагуа ақалақь ахада Реина Руеда, Никарагуа иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев, Никарагуа иҟоу Венесуела азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Арруе, насгьы Никарагуа аккредитациа змоу адипломаттә корпус егьырҭ ахаҭарнакцәа. Аԥснытәи апавильон асасцәа ашәеилаҵа, аџьыка, ауаткарш рыла ирԥылеит.

Жәларбжьаратәи агастрономиеи акультуреи рфестиваль – ажәларқәа реиҩызара арӷәӷәарази, атрадициақәеи акультуреи раарԥшрази платформаны иҟоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: