Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭо иааиԥмырҟьаӡақәа Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә Консулра анапхгара ирныруеит. Иаиуеит аоперативтә информациа иҟоу аҭагылазаашьазы.
24 June 2023 405
Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә консул Адик Аршба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра аиҭеит Ростов-на-Дону иҟоу аҭагылазаашьазы.
Рашәара 23, 2023 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы агәрагара змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа агәрагаҩы Муҳаммед Али бразилиатәи асахьаҭыхыҩ Луи Долино ицәыргақәҵа «Нур» даҭааит.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ахаҭарнакрахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 31 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 31 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵ
еит.
Сынтәа Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы асас-ҳәынҭқарраны иҟалеит Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит, урҭ рхықәкы хаданы иҟалеит Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа рекономикатә потенциал аӡыргара. Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аԥсны Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа аинвестициа-економикатә ус ацура иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа Ахада аинвестициақәеи ахәаахәҭреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы иабжьгаҩ, Урыстәыла аус ацура азы Никарагуа иҷыдоу ахаҭарнак Лауреано Ортега Мурилио напхгара зиҭо Никарагуа аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.
12 June 2023 311
Рашәара 8 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Рашәара 9 азы Манагуа, Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.