Ажәабжь ҿыцқәа
Хәажәкыра 26рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи ООН Ахәыҷтәы фонд (ЮНИСЕФ) арегионалтә хаҭарнакра ахада Гассан Халили реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев имшира идиныҳәалеит.
21 March 2019 1200
Хәажәкыра 20 рзы Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура асанкциақәа аланагалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олег Аршбеи рганахьала.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
15 March 2019 723
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.
Шәара напхгара ашәҭоит иналукааша аусбарҭа. Шәнапхгарала шәнапаҵаҟа иҟоу аколлектив аӡәк иеиԥш аус еицыруеит
15 March 2019 585
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба имшира идиныҳәалеит.
12 March 2019 930
26 –тәи Москватәи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа хәажәкыра 12 инаркны 14-нӡа имҩаԥысуеит ацәыргақәҵатә комплекс хада "Експоцентр" аҟны. Ацәыргақәҵаҿ иӡыргоу апавильон «Абхазия» иаҭааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиеи.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәәҳаҩ Игор Ахба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иусԥҟала иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Аиҩызараз аорден» ианашьоуп.
5 March 2019 938
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.