Нанҳәа 2–3 рзы Никарагуа ақалақь Манагуа аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҟазареи, акультуреи, агастрономиеи рфестиваль.
Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 40 инареиҳаны атәылақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра азнауан Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.
Актәи амш аҽны Никарагуа атәылауааи асасцәеи традициала зинтерес рымоу аԥсуа павильон аҿы аԥсуа уатка, аџьыка, ашәеилаҵа рыдыргалеит.
Аԥснытәи апавильон иаҭааит Никарагуа ахада иабжьгаҩ Камила Ортега Мурильо, Адәныҟатәи аполитиказы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Иван Лара, Манагуа ақалақь ахада Реина Руеда, ахәаахәҭра аминистр Ервин Колиндрес, атуризм аминистр Мара Стотти, аҿар рполитиказ аминистр Дарлинг Кастро, Никарагуа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев, Ареспублика Никарагуа аккредитациа змоу адипломатиатә корпус егьырҭ алахәылацәа.
Аҩбатәи амш азы афестиваль асцена хадаҿы аԥсуа маҭәақәа ӡырган.