Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара дахьалҵыз инамадан Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭахь цәыббра 10 рзы днеиит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Никарагуа ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Иоска Кальдерон Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидышшыларц.
Никарагуа ажәлар зегь рыхьӡала ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра гәалсра дула дрыдышшылеит, дрыдышшылеит Геннади Гагәылиа иҭаацәа.
Арахь иааиит иара убасгьы Амилаҭтә шьаҭаркратә еизара адепутатцәа
Фернандо Риверои Марио Ариаси.