Приднестровие иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рофициалтә Хаҭарнакрақәа рцәыргақәҵатә зал аҿы Геннади Зыков иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит

Приднестровие иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рофициалтә Хаҭарнакрақәа рцәыргақәҵатә зал аҿы Геннади Зыков иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит
3 March 2026 52

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рофициалтә Хаҭарнакрақәа рцәыргақәҵатә зал аҿы ПМР зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Геннади Зыков диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз иусумҭақәа рекспозициа еиҵыхуп.

Иахьа, Приднестровие асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи В.И. Постоикин ихьӡ зху Бендертәи иреиҳаӡоу асахьаркыратә коллеџьи рхаҭарнакцәа ацәыргақәҵаҿы ицәыргаз Геннади Зыков иусумҭақәа рбеит, аҭааҩцәа ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршеит. Асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Бендертәи иреиҳаӡоу асахьаркыратә коллеџь аректор Сергеи Горбаченко, Приднестровие асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Панов, Приднестровие зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Павел Китаев, Приднестровие зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Валентин Тиумин, Приднестровие зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Ольга Горбаченко, Бендертәи иреиҳаӡоу асахьаркыратә коллеџь адизаин арҵаҩы Александр Орлов.

Аицәажәараан Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватаман, Бендератәи иреиҳаӡоу асахьаркыратә коллеџь аректор Сергеи Горбаченко, Приднестровие асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ахантәаҩы Сергеи Панов Аԥсни Приднестровиеи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа реинырра алшарақәа ирылацәажәеит.

Сергеи Горбаченко ҳазҭоу ашықәс азы Чачба А. ихьӡ зху аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи иареи русеицура аҿиара иазырхоу ажәалагалақәа рыдигеит. Аиԥылара алахәылацәа иарбоу ахырхарҭақәа рыла анаҩстәи аинырра апрактикатә аспектқәа аус рыдуларазы еиқәшаҳаҭхеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: