Ажәабжь ҿыцқәа

5 December 2025 4 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба лиубилеи лыдиныҳәалеит.
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 3 рзы агазеҭ «Известиа» аҟны икьыԥхьу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәааҿы иқәыргылоу азҵаарақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра иааннакыло апозициа аилыркаара хымԥадатәины иҳаԥхьаӡоит.
Аҭҵаарадырратә журнал "Петербургтәи кавказҭҵааратә альманах" актәи аномер ҭыҵит. Альманах аҿы икьыԥхьоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Германиатәи Афедералтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба лыстатиа "Аԥсуа бызшәеи уи Кавказтәи абызшәатә ҭаацәараҿы иааннакыло аҭыԥи". Аматериал кавказтәи абызшәатә ҭаацәара аконтекст аҿы аԥсуа бызшәа иааннакыло арольи уи аҭҵаареи аиқәырхареи рҿы иахьатәи азҵаарақәеи ирызкуп.
Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч наӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата (DIHK) аҿы имҩаԥысыз аекономикатә форум далахәын.
2 December 2025 56
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы, ԥхынҷкәын 1 азы, аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа жәларбжьаратәи аицлабрақәа "Кубок Небесная грация" зхы рылазырхәыз, жәа-шықәса зхыҵуа агимнастка Софиа Боџьгәуа дидикылеит.
Абҵара 29-30 рзы Никарагуа имҩаԥысит Жәларбжьаратәи агастрономиеи, акультуреи, атрадициақәеи рфестиваль. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 39тәыла рхаҭарнакцәа.
1 December 2025 48 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Денис Роналдо Монкада Колиндрес иира Амш идиныҳәалеит.
26 November 2025 59
31 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылеит Аҳәынҭқарра Азакәан Хада.
24 November 2025 78 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, Леон иорден занашьоу Адгәыр Какоба ииубилеи идиныҳәалеит.
24 November 2025 81 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иауз Аҭрышба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас иҟалара идиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: