2025 шықәса цәыббра 15 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала Никарагуа ахьыԥшымра аиура 204 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә даҭааит.
Аусмҩаԥгатә Каракас ақалақь аҿы иҟоу Амилаҭтә Пантеон аҿы имҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә напхгара арҭон Ҳаҭыр ду зқәу ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес, Латинтәи Америка аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениа.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Азиа, Ааигәатәи Мрагылара, Океаниа русқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Пиу Морено, Венесуела аккредитациа змоу адипломаттә миссиақәа рнапхгаҩцәа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа, АИХқәа рхаҭарнакцәа, егьырҭ асасцәа.