Ажәабжь ҿыцқәа
Нанҳәа 13 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидикылеит Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Лукас Гиттард.
14 August 2019 793
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Нанҳәамза 8 рзы, жәеиза шықәса раԥхьа Аладатәи Уаԥстәыла Ареспубликаҿы излагаз аибашьра амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз агәаларшәагатә усмҩаҧгатә мҩаԥган.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 11 шықәса ахыҵра амш аҽны.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраагәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2019. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 27 рзы, ихыркәшахоит нанҳәа 9 рзы.
30 July 2019 1044
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура алагара инадҳәаланы иҟанаҵаз аҳәамҭа.
23 July 2019 1257
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Арцах адәныҟатәи аусқәа рминистр Масис Маилиан идиныҳәалеит аминистрра ашьаҭаркра амшныҳәа.
Манагуа, Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ареспублика Никарагуа Апрезидент Даниель Ортега реиҧылара мҩаҧысит.