Рашәарамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҟынтәи ацхантәаҩ Халед Хиари, ЕХ аҟынтәи ацхантәаҩ Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи ацхантәаҩ Криштоф Ернст Шпети реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥснытәи агана ахь ала аиԥылара иалахәын аусбарҭа аусзуҩцәа: Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Сариа Џьопуа, Асҭанда Патараиа, Леуан Гадлиа.
Аконсультациақәа раан аганқәа инҭырҳәцааны иалацәажәеит 2026 шықәса рашәара 30 –ԥхынгәы 1 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67тәи рраунд амшхәаԥштә. Иарбоу аформат аиқәырхара арегионалтә ҩаӡарақәа рҿеиԥш жәларбжьаратәи аҩаӡарақәа рҿгьы аҭышәынтәалара алыршаразы ихымԥадатәиу ҭагылазаашьаны ишыҟоу азы иаку аилкаара аарԥшын.
Аиԥылараан ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан узықәгәыӷша ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа реиқәыршәара азҵаара. Аԥсны аганахь ала ҩаԥхьа инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра шхымԥадатәиу.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иазгәеиҭеит иарбоу аусшәҟәы аиқәыршәареи анапаҵаҩреи аиҿцәажәарақәа хықәкы хадас ишрымоу.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аиҭарҿыцразы амҩақәа рыԥшаара ацҵара ргәы ишҭоу.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз алахәылацәа агуманитартә ҟазшьа змоу актуалтә зҵаарақәа ирзааҭгылеит, хақәиҭрала аныҟәара алыршареи егьырҭ аицеилацәажәара зҭаху аспектқәеи налаҵаны.