Ажәабжь ҿыцқәа
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы. Уи аламҭалаз Аԥсныҟа иааиит аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рлахәылацәа: Тоиво Клаар, Джихан Султаноглу, Рудольф Михалка.
2018 шықәса цәыббра 20 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Рудольф Мичалкеи рԥылара. Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ҿыцқәа—ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Рудольф Мичалкеи.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит 2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла , Урыстәыла, ЕАШ (США) рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рҟынтәи ацхантәаҩцәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҟны дыҟаз аделегациа алахәын Женеватәи аиҿцәажәарақәа 42-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 13 рзы, Женева. Аԥснытәи аган ахьӡала аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лаша Аҩӡба.
Абҵара 23 рзы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рҧылара мҩаҧысит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аилацәажәарақәа рҟны ООН, ЕС, ОБСЕ рхаҭарнакцәа Антти Турунен, Гиунтер Бехлер, Тоиво Клаар. Аԥснытәи аган ахьӡала аиԥылара иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминсистрра аусзуҩцәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Иракли Ҭыжәба.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧысит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд аихшьаалақәа рзы апресс-конференциа.