Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд аихшьаалақәа рзы апресс-конференциа.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡбеи Иракли Ҭыжәбеи.
Апресс-конференциа аартуа Аԥснытәи аделегациа ахада Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40 рраунд аан ҷыдала азхьаԥшра аман Аԥсныи Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра ҳәа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аусурақәа шымҩаԥысуаз аҩ-гәыԥк, ашәарҭадаратәии агуманитартәии зҵаарақәа ирызкыз агәыԥқәа рҟны.
Агуманитартә проблематиказы аҩбатәи аусутә гәыԥ иалахәыз Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа еиҭеиҳәеит уа излацәажәоз азҵаарақәа ртәы.
Арахь иаҵанакуан архивтә документқәа реиҭашьақәыргылара, Аԥсны акультуратә ҭынха аиқәырхара рызҵаарақәа.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит архивтә материалқәа рырхынҳәра иазку аусурақәа иҳәеит иара.
Баҭал Кобахьиа иара убасгьы иҳәеит ԥхьаҟазы аексперттә гәыԥ Аԥсныҟа иааны аобиектқәа ахәшьара рырҭартә еиԥш алшара шыҟоу. Уахь иаҵанакыр ауеит Урыстәылеи ИУНЕСКО-и рекспертцәа.
«Аԥсны иҟоу акультуратә ҭынха – Аԥсны иатәуп. Аӡәгьы азин иаҳҭом ари қырҭуа обиектуп, ари бырзен обиектуп мамзаргьы урыс обиектуп ҳәа аҳәара» - иҳәеит иара.
Актәи аусутә гәыԥ атәы далацәажәо Даур Ақаҩба иҳәеит иара аҟны Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа еицҿакрыла ирыдыркылаз амч ахамырхәараз апроект ашьҭахь еицыҟарҵараны иҟаз аҳәамҭа Қырҭтәылатәи аган апозициа иахҟьаны ирыдрымкылеит ҳәа. Актәи амш аҽны ҩ-ганктәи аиԥылараан аԥсуа ган ажәадагала арҭеит амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аҟаҵаразы.
"Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәагьы налархәны алахәылацәа зегьы амч ахамырхәаразы аҳәамҭа адкылара иазыԥшын, акыр оумашәагьы ирбеит уаанӡа ҳаззеиқәшаҳаҭхахьаз атекст, абри азҵаара ақырҭуа ган уашьҭантәи араунд аҟынӡа иахырԥазарц аҳәара аныҟарҵа. Атекст акәзар уаанӡа ақырҭуа ган иҳадыргалахьаз ауп. Алахәылацәа зегьы рзы уадаҩрак зцымыз ԥсахрақәак алагаланы аҩбатәи амш азы аҳәамҭа ҳадаҳкылоит ҳәа ҳшазыԥшыз дара мап ацәыркит. Иҟалап ақырҭуа ган реиҳабыреи дареи реицәажәарақәа рышьҭахь акәзар асеиԥш аӡбра анрыдыркыла. Исҳәар сҭахуп ҳара ҽаамҭанык еиԥшымкәа абри адокумент анапаҵаҩра ҳазааигәаны ҳаҟан ҳәа" — иҳәеит аминистр.
Уи адагьы иалацәажәан Аԥсни қырҭтәылеи рҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ҩба раркра азҵаара.
«Ақырҭуа гани ацхантәаҩцәеи ҳара ҳпозициа бзианы ирдыруеит. Лаҵарамза 17 рзы дара аҭыԥ ахь инаԥхьан иҟоу аҭагылазаашьа дырбан. Иарбанызаалак агуманитартә рыцҳара ҳәа ззуҳәаша шыҟам рылала ирбеит» - иҳәеит Даур Ақаҩба.
Иалацәажәан Қырҭтәылеи НАТО-и реизыҟазаашьа.
«Ҳара агәҭынчымра ҳнаҭоит Қырҭтәылеи НАТО-и еицымҩаԥырго арратә ҽазыҟаҵарақәа, урҭ реинырра. Ҳара аҳәамҭа ҟаҳҵеит Аԥсны аҳәаа иахьаԥну изакәызаалак асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа алмыршахароуп ҳәа. Уи аҭынчратә процесс иаԥырхагамзар иахәом» - иҳәеит Даур Ақаҩба.
Иара убасгьы азхьаԥшра аман рашәара 1 азы ООН Ассамблеиа Хада аилатәараҟны ахҵәацәа рганахь ала апроект ирыдыркылаз. Аԥснытәии Аахыҵ Уаԥстәылатәии аделегациақәа аҩ-усутә гәыԥ рҟны аҳәамҭа ҟарҵеит ахҵәацәа рпроблематика Женеватәи аиҿцәажәараҿы ацәыргара иашам ҳәа.
Иара убри аан иазгәарҭеит ақырҭуа ган абри азҵаара Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи злахәым егьырҭ жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы ишцәырнаго. Рашәара20 — 21 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд.
Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 41-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп Женева, жьҭаара 10-11 2017 шықәса рзы.