Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеиит, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд алахәхаразы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо аделегациа аилазаараҿы иҟоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.