Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд (МӠ) алахәхаразы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа напхгара аиҭоит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Аделегациа иара убасгьы иалоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Асҭанда Патараиа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ Кан Ҭаниа.