Рашәарамза 30-ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд (МД3) иалахәхоит.
Иара иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика, Ареспублика Қырҭтәыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рхаҭарнакцәа, ЕАР, ОБСЕ, ЕЕ рыцхантәаҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Қырҭтәыла аганахьала арратә мчы ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рырӷәӷәареи рымҩаԥгареи рызҵаарақәа рзы амаҭәартә диалог амҩаԥгара алзыршо жәларбжьаратәи аиҿцәажәара механизм заҵәык аҳасабала аформат аиқәырхара аҵак ду шамоу азгәанаҭоит.