2025 шықәса рашәара 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идикылеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: ООН аҟынтәи Џьиҳан Султаноглу, ЕС аҟынтәи Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи Криштоф Ернст Шпети.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит, иахьазы Кавказнҭыҵтәи арегион аҿы инаӡоу ашәарҭадара ашьақәыргыларазы Женеватәи аформат заҵәык шакәу иҟоу, Аԥсны уи аҵак ду шанаҭо.
«Ҳара ҳазыԥшуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа зегьы арегион аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аҭынчра аҟазаара, иахьа иҟоу ашәарҭадаратә стандартқәа рыхьчара, рырӷәӷәара, насгьы аконструктивтә усура рхы ақәдыршәоит ҳәа», ҳәа иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада.
Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит, аԥсуа ган Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы азинтә усшәҟәы аиқәыршәареи анапаҵыҩреи зҵаара хаданы ишаԥхьаӡо. "Ари Аиҿцәажәарақәа рылахәхаразы ишьаҭа дуны иҟоуп", - иҳәеит иара.
Гал ақалақь аҿы иҟоу аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭалагара иазкны аминистр игәалаиршәеит, ақырҭуа лахәылацәа иконструктивтәым рпозициа иахҟьаны, АИПР активра шамам.
Ацхантәаҩцәа рԥылараан Олег Барцыц Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ареспублика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҿиара амоуп, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи русеицура уи аҿы ихадоу ароль нанагӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Урыстәылатәи астратегиатә ҩызцәеи апартниорцәеи ҳрареи ҳаинырра хра злоу аусеицура хәдықәҵара азнауеит» ҳәа иҳәеит иара.
Иара убас, аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аринахысгьы адунеи аҿы аимадарақәа рырҭбаара, ареспублика ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала жәларбжьаратәи азхаҵара аиуразы аусура шымҩаԥысло.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд рашәара 25-26 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.