Ажәабжь ҿыцқәа

7 March 2019 1110 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәәҳаҩ Игор Ахба  Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иусԥҟала  иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Аиҩызараз аорден» ианашьоуп.
5 March 2019 942
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
1 March 2019 859
Ҭырқәтәыла иҟоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра 25-шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит  Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа. Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иазгәаҭоуп:
23 February 2019 1031
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит
Жәабран 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр  Даур Ақаҩба, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба напхгара зиҭоз аделегациа далахәны Шәача ақалақь аҿы  имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум «Факторы успеха: идеи, кадры, компетенции» аилатәараҿ дыҟан.
Жәабран 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани ООН иҟоу Шьамтәыла ахаҭарнак Хусам Еддин Ала диԥылеит.
Москва ақалақь аҿы хәажәкырамза 11, 2015 шықәса рзы Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа ирыбжьарҵаз Амеморандум ишьақәнарҕәҕәаз адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, изаамҭанытәиу аконсультациақәа мҩаҧысит.
13 February 2019 537
Жәабран 13 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи  аиҿкаара The HALO Trust ихьыԥшым аексперт  Девис Пол Ентони реиԥылара. Аиԥылара иалахәын The HALO Trust апрограмматә менеџьер Исмет Задеи уи ихаҭыԥуаҩ Мери Кеннингтони.
12 February 2019 690 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: