Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут имш иира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Исымоу алшара схы иархәауа, гәык-ԥсык ала Шәиира амш шәыдысныҳәалоит!Ҳҳәынҭқарраҿы иреиҳау амаҵурақәа рныҟәгараҿы аԥышәа ду змоу, иахьа шәнапы злаку амаҵура ахырхарҭа ҿыц алԥшаара шшәылшәыршо агәра ганы сыҟоуп. Уи, хымԥада, Ҳаԥсадгьыл иазеиӷьхо, алҵшәа бзиақәа азҭо акәны иҟалоит.
Агәра ганы сыҟоуп, 2026 шықәса аперспектива ҿыцқәа шышәзаанартуа, иагьадыргахоит иааиуа, илашахо иагьгәырӷьарахо аамҭа ҿыц, аринахысгьы еицаҳзеиԥшу аџьабаа ҳтәыла иқәынхо ажәларқәа рзы иҳараку алҵшәақәа раарԥшраҿы ишҳацхраауа.
Иҟалааит 2026-тәи ашықәс Шәара шәзы аҿиареи, аҳәоуеиқәшәареи, арҿиаратә усуреи зцу шықәсны. Шәлагамҭақәа зегьы рҟны аманшәалара шәыцзааит!
Гәык-ԥсык ала Шәареи, ишәзааигәоу ауааи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡареи!»